Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Сангәлиеи Кьиути ажәытә уахәамақәа реиҭашьақәыргылара иазкны

Sputnik
Бедиатәии Мықәтәии ауахәамақәа рҭагылазаашьа иалацәажәан аиашахаҵаратә уахәама адинмаҵзуҩцәеи Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Гарри Сангәлиеи алархәны аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигаз аиԥылараҟны.
Иахьа имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усқәеи ақьырсиантә хыбрақәа реиҭашьақәыргылара иацу аспецификеи, ари аус иазҟазоу аспециалистцәа рыԥшаара ахьынӡауадаҩу уҳәа, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Гарик Сангәлиеи Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати Кьиути.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.