АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Москвантәи Шәачаҟа раԥхьатәи апассаџьыртә реис мҩаԥнагеит ирҿыцу аҳаирплан Ту-214. Уи традициатәла аӡы ақәырҭәеит, уааԥсыралагьы 90% иҭәын, абри атәы аанацҳауеит шәачатәи аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.
Аҳаирплан зтәу авиаеилахәыра Red Wings иааиуа амчыбжь азы аҳаирбаӷәаза "Домодедово" аҟынтәи жәларбжьаратәи ареисқәа рахь идәықәнаҵоит.
"Урыстәылатәи авиатехника ахархәарахь аргьежьразы ҳусура иацҵоуп: аидарамҩангага Ил-96-400Т ашьҭахь иахьа ахархәарахь ирыҭоуп апассаџьыртә ҳаирплан Ту-214. Иааиуа ашықәс азы ҳус иацҵахоит, иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Авиаеилахәыреи апассаџьырцәеи гәахәарыла рхы иадырхәалап ҳәа ҳгәыӷуеит",- иҳәеит ахеилак "Ильюшин Финанс Ко." аиҳабы Михаил Подхватилин.
Ту-214 Казантәи азауад аҟны иҟарҵеит 2009 шықәсазы. Аиԥш зеиԥшу аҳаирпланқәа ирыхәҭоу амаругақәа рыла еиқәыршәоуп.