Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: ар аҵакы адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы

Sputnik
Ааигәа архәҭақәа рҭагылазаашьа аилкааразы атәылахьчара аминистрра имҩаԥнагеит агәаҭарақәа. Аруаа рынхарҭа-рынҵырҭа, ирыгу-ирыбзоу, ирыԥсҭазаашьоу гәаҭан. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит арратә институт аҵакы атәы адунеи аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы.
Урыстәылеи ҳареи иҳамоу аиқәшаҳаҭра арратә ус аганахьала даара акраҵанакуеит, ишьақәгылан иҟоу аҭынчра дара роуп изыбзоуроу иҳәеит аполитолог арадиоефир аҿы. Аха атәыла ахаҭагьы аҽарӷәӷәароуп уи ахырхарҭала, ус ҟазымҵоз Ашьхатә Ҟарабах иахьыз зегьы иаадыруеит иҳәеит Ҳагба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.