Очамчыра араион иаҵанакуа 26 школи хәыҷбаҳчеи ыҟоуп, аԥхарра аганахьала иаадкыланы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа иҳәеит Гындиа арадиоефир аҿы.
"Иаха иҟаз амшцәгьа ақалақь аҿы афымцатә цәаҳәақәа канажьит. Ахәыҷбаҳча аус ауеит, ахәыҷқәа рыдкылара иазыхиоуп, аха ашколқәа ҩба русура аанкылоуп, ауадақәа рҿы ихьшәашәароуп. Тамшьтәи ашколхәыҷқәа аушьҭуп. Баслахәгьы ус. Егьырҭ ашколқәа зегьы аартуп. Аиҳабацәеи ҳареи ҳаимадоуп. Ахәыҷқәа рааира маҷуп, аха ҳара ҳаԥҟара излаҳәо ала 50% иҭоу рҟынтә имаар, ахәыҷқәа ауҳашьҭыр ауеит. Ус еиԥш аҭагылазаашьа макьана иҟам", - ҳәа адырр ҟаиҵеит Гындиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.