"Аҩны ацхыраара" ҳәа изышьҭоу апрограмма аус ауеит араионқәа зегьы рҟны. Асоциалтә усзуҩцәа ҭынха дызмам, зхала иҟоу ауааԥсыреи аинвалидцәеи рыҩнқәа рҟны инеины, доусы рҭагылазаашьа шыҟоу иахәаԥшны, ацхыраара рырҭоит.
Зынӡа зхы иамыхәо, аиарҭа иамоу рахь иаҳа лассы-лассы инеиуеит. Рыфатә ҟаҵатәуп, иԥсахтәуп, иӡәӡәатәуп. Заагамҭа маҷу, зхы зызныҟәымго, алшара змам ирызнаргоит зда-ԥсыхәа ыҟам атауарқәа. 2023 шықәса иалагӡаны 200-ҩык ауааԥсыра инареиҳаны асоциалтә цхыраара роуит.
"Аурыс тәанчахәы зауа хылаԥшра заҳҭо, дара рԥаралоуп афатә злаархәо, уи атәанчахәы змауа, есымза 1000 мааҭ рзыршәоит аминистрра аҟынтә. Сынтәа ари ацхыраара иацҵахоит ҩ-нызықь мааҭ рҟынӡа", - лҳәеит Аџьԥҳа..
Арионқәа зегьы рахьынтә зхала иҟоу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳарак ирацәоуп Аҟәа ақалақь аҿы, Тҟәарчали Гали рраионқәа рҿы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.