Аԥсны

Рԥышәа еиздырҳарц: Риҵа амчратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз

Аԥсны АҶА амчратә усбарҭақәа рылахәны жәабран 10, асабша атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik
Урҭ ирылахәын 50-ҩык рҟынӡа амчратә усзуҩцәа, авариа-еиқәырхаратә техника, БРДМ, ашхәа, ацхыраара ласы амашьына.
Риҵа атактикатә ҽазыҟаҵарақәа АҶА уаанӡагьы имҩаҧыргон, сынтәа амчратә усзуҩцәагьы рыцлеит. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа урҭ рыхә ҳаракны иршьеит.
Арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥырго аиқәырхаҩцәеи амчратә усзуҩцәеи рзанааҭтә зыҟаҵара ахәшьара аҭаразоуп.
1 / 11

Ирласны аҭак ҟазҵо иҷыдоу аотриад (СОБР) Риҵа аҽазыҟаҵарақәа раан.

2 / 11

Амчратә усзуҩцәа атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны адҵақәа нарыгӡоит.

3 / 11

Дара раԥхьаӡа акәны аӡиа Риҵа аӡынраан аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп.

4 / 11

Дара "адиверсиатә" гәыԥ рымҩа ԥҵәаны итәеит.

5 / 11

Анаҩс дара урҭ ирыжәлан, индырҵәеит.

6 / 11

АҶА аусзуҩцәа асыԥсалеираан ауаа рыԥшаареи реиқәырхареи рҽазыҟарҵеит..

7 / 11

Дара ашьха иалҟьаз ауаа лбааргеит ашьхахалаҩцәа рмаругақәа рыла.

8 / 11

Аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥыргон ашәҩаныҟәаҩцәеи акинологиатә маҵзура аусзуҩцәеи.

9 / 11

АҶА иҷыдоу атехникагьы аус адыруит, иаҳҳәозар, БРДМ.

10 / 11

Аҽазыҟаҵарақәа аӡхәыҵалаҩцәагьы рылахәын

11 / 11

АҶА атактикатә ҽазыҟаҵарақәа Риҵа есышықәса имҩаԥыргоит.