https://sputnik-abkhazia.info/20240210/rysha-eizdyrarts-ria-amchrat-azyaaraa-shymaysyz-1050118625.html
Рԥышәа еиздырҳарц: Риҵа амчратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
Рԥышәа еиздырҳарц: Риҵа амчратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА амчратә усбарҭақәа рылахәны жәабран 10, асабша атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. 10.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-10T21:50+0300
2024-02-10T21:50+0300
2024-02-10T21:54+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0a/1050115893_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_20b6ce5707429bb3b2a843920556b55a.jpg
Урҭ ирылахәын 50-ҩык рҟынӡа амчратә усзуҩцәа, авариа-еиқәырхаратә техника, БРДМ, ашхәа, ацхыраара ласы амашьына. Риҵа атактикатә ҽазыҟаҵарақәа АҶА уаанӡагьы имҩаҧыргон, сынтәа амчратә усзуҩцәагьы рыцлеит. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа урҭ рыхә ҳаракны иршьеит.Арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥырго аиқәырхаҩцәеи амчратә усзуҩцәеи рзанааҭтә зыҟаҵара ахәшьара аҭаразоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/0a/1050115893_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_a5d511cbc1e003e62756f1e417f66dea.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа, фото
Рԥышәа еиздырҳарц: Риҵа амчратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысыз
21:50 10.02.2024 (ирҿыцуп: 21:54 10.02.2024) Аԥсны АҶА амчратә усбарҭақәа рылахәны жәабран 10, асабша атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.
Урҭ ирылахәын 50-ҩык рҟынӡа амчратә усзуҩцәа, авариа-еиқәырхаратә техника, БРДМ, ашхәа, ацхыраара ласы амашьына.
Риҵа атактикатә ҽазыҟаҵарақәа АҶА уаанӡагьы имҩаҧыргон, сынтәа амчратә усзуҩцәагьы рыцлеит. Аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа урҭ рыхә ҳаракны иршьеит.
Арҭ рҩызцәа аҽазыҟаҵарақәа зымҩаԥырго аиқәырхаҩцәеи амчратә усзуҩцәеи рзанааҭтә зыҟаҵара ахәшьара аҭаразоуп.

Ирласны аҭак ҟазҵо иҷыдоу аотриад (СОБР) Риҵа аҽазыҟаҵарақәа раан.

Амчратә усзуҩцәа атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны адҵақәа нарыгӡоит.

Дара раԥхьаӡа акәны аӡиа Риҵа аӡынраан аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп.

Дара "адиверсиатә" гәыԥ рымҩа ԥҵәаны итәеит.

Анаҩс дара урҭ ирыжәлан, индырҵәеит.

АҶА аусзуҩцәа асыԥсалеираан ауаа рыԥшаареи реиқәырхареи рҽазыҟарҵеит..

Дара ашьха иалҟьаз ауаа лбааргеит ашьхахалаҩцәа рмаругақәа рыла.

Аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥыргон ашәҩаныҟәаҩцәеи акинологиатә маҵзура аусзуҩцәеи.

АҶА иҷыдоу атехникагьы аус адыруит, иаҳҳәозар, БРДМ.

Аҽазыҟаҵарақәа аӡхәыҵалаҩцәагьы рылахәын

АҶА атактикатә ҽазыҟаҵарақәа Риҵа есышықәса имҩаԥыргоит.