Аԥсны

Захарова Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи 2023 шықәсазы реизыҟазаашьақәа дрыхцәажәеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Урыстәыла 2023 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ишрыцхраац ирыцхраауан ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Лара ишазгәалҭаз ала, урҭ ареспубликақәа рҳәынҭқарратә ргылара, ршәарҭадара аиҿкаара, жәларбжьаратәи реимадарақәа рырҭбаара аусхкқәа рҿы ирывагылан.
Иара убас ҷыдала аӡбахә лҳәеит даргьы Урыстәыла ишацхраауаз, иҷыдоу арратә операциа адәаҿгьы убрахь иналаҵаны.
"Хатәгәаԥхарала урыстәылатәи аруаа ирывагыланы еибашьуеит аҩреспубликак ртәылауаа, Аҟәеи Цхинвали лассы-алссы Донбассҟа агуманитартә цхыраара нарышьҭуеит", - лҳәеит Захарова.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥсны атәылауаҩ дҭахеит Авдеевка ажәылараан