Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аҵиаақәеи ашәырҵлақәеи ԥырхага рызҭо ахәаҷақәеи ачымазарақәеи ирызкны

Sputnik
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҵиаақәа рзы ишәарҭан ицәырҵыз ахәаҷақәа ыҟоума, ашәырҵлақәа, аҵиаақәа рыхьчаразы иҟаҵатәу, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Ақыҭанхамҩазы аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиа.
"Маҷ-маҷ ичмазҩымхо ҳәа шәырхкы иахьатәи аамҭазы даара имаҷуп. Ақыҭанхамҩа анаукаҭҵааратә институ аҟны иҳамоуп аҟәша, ашәырҵлақәа, аҵиаақәа ара иҳааӡо ачымазарақәа роума, ахәаҷамақәа рацәыхьчароума хылаԥшра анаҭоит. Ианаамҭоу ашәырҵлақәа рыхәшәтәразы амеханиазациа аҟәшеи дареи рҽеимаданы, иаҭаху ахәшәқәа адгаланы ирхәышәтәуеит. Ааԥын анааиуа абаҳчақәа зегьы аԥхьа ирылсны игәарҭоит, анаҩс алкаа ҟарҵоит еиҳарак ирбаз ачымазара, ахәаҷамаҷақәа рзы. Убри инақәыршәаны ахәшәтәыгақәа адыргалоит", - иҳәеит Сабекьиа.
Иара иазгәеиҭеит ашәырҵлақәа рҟны, ахәҭакахьала атама ааугозар амахә ашәпарақәа рҟны аҵиааҵа(урысшәла тлиа ҳәа изышьҭоу) шаанахәо. Ахәшәқәа ашәырҵлақәа ирыдыргало, иахәҭоу 15-18 градус еиҵамкәа аԥхарра ыҟамкәа, аус шырымуа.
Сабекьиа ицәажәараҟны иҳәеит ашәырқәа, аҵиаақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷамаҷақәа, мамзаргьы ачымазара цәырҵит ҳәа ианрыдҵаало, уи аҭҵааразы иахьа лшарақәас ирымоу атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.