АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. 2023 шықәсазы Урыстәыла аҳәаа иахыгаз афатә-ажәтәи, ақыҭанхамҩатә аӡеи 4,3% рыла еизҳаит, уи 43,1 миллиард доллар рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Афедералтә ҳазалхырҭатә маҵзура.
Уи аан Урыстәыла аҳәаанырцәынтәи иалагалаз аалыҵ 1,7% рҟынӡа илаҟәит, уи 35,1 миллиард доллар.
Урыстәыла ахәаахәҭразы аус зцыруа атәылақәа ираԥхьагылоуп Азиа. Дара атауареикәыршараҿы рыхәҭа алоуп: аҳәаа иахыган 306,6 миллиард доллар, иалагалан-187,5 миллиарда доллар.
Афедералтә ҳазалхырҭатә маҵзура адыррақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс 12 мзы рыҩнуҵҟа урыстәылантәи Азиаҟа аҳәаа иахыгаз 5,6% рыла еизҳаит, аҳәаанырцәынтәи иаагаз-29,2% рыла.