Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Еныкьԥҳа арҵаҩра, ааӡара, анхаҩы ихныҟәгашьа ирызкны

Sputnik
Џьырхәа инхо занааҭла ирҵаҩу, хҩык ахшара ран Гәында Еныкьԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит шьыжьы инаркны ихәлаанӡа лнапы злаку аусқәа, ахәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагер ақыҭаҿы ишаԥшьылгаз, лҭаацәа рхы шныҟәырго.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.