Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Донецктәи ахырхарҭаҿы УкрАМ ржәыларақәа 13 аԥырҟәҟәаауп

Урыстәылатәи ар арратә операциа ҷыда шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Донецктәи ахырхарҭаҿы УкрАМ ргәыԥқәа ржәыларақәа 13 аԥырҟәҟәаауп ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа иҭадырхеит аԥырҩы дызмам украинатәи ахархәагақәа 33.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп 570 украинатә ҳаирплан, 265 вертолиот, 12229 аԥырҩы дызҭам ахархәага, 464 зениттә ракетатә комплекс, 14964 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, 1218 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 8 020