Арадио

Шларба еиҭеиҳәеит уажәтәи аҿкы чымазара шәарҭарас иацу атәы

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым Гәдиса Шларба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ахәшәтәырҭахь инеиуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акырӡа ишацлаз аҿкы чымазара иахҟьаны, убри аан акоронавирус змоугьы алыркаауеит.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ахәшәтәырҭахь иааиуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иацлеит, есыҽны иҳадаҳкылоит 70-ҩык рҟынӡа ҳәа еиҭеиҳәеит Шларба.
"Зны-зынла ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа еиҳауп адуцәа раасҭа. Рымцашоура ҳаракуп, агәаҭарақәа иаҳдырбоит уи агрипп А шаку. Ковид зыдбалоугьы ыҟоуп", - иҳәеит аҳақьым.
Еиҳарак ачымазара шәарас иамоу ауаа рымцашоура рзыртәом ахәшәтәырҭахь инеиаанӡа. Иҟоуп ҭаацәаныла ианаҳзааиуа ҳәа иҳәеит Шларба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.