Арадио

Араҳамиа амцакрақәа рзы: уажәы аҭаҭын аццышәгьы азхоит

Sputnik
Арҭ амшқәа рзы Очамчыра араион қыҭақәак рҿы абна амца акит. Иахьазы амцарцәаҩцәа абылра аҭыԥқәа рҿы амца дырцәеит, аха аҭагылазаашьа уадаҩуп ишьақәгылаз аҳауаԥхарра иахҟьаны. Иарбан усурақәоу имҩаԥырго ақыҭақәа рнапхгара, ргәырҽанырҵома анхацәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Мықә ақыҭа ахада Беслан Араҳамиа.
Амцакрақәа есышықәса ицәырҵуеит, абыржәы убри аҩыза аҭыԥқәа ыҟоуп, аҭаҭын аццышәгьы азхоит абылразы ҳәа азгзәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Араҳамиа.
"Анхацәа арыцқьарақәа ианрылагалак, ԥшак асыр, амца рыцәцоит. Ҳара абжьгарақәа ҟаҳҵоит. Иара уи адагьы анхацәа рзы имҩаԥысуеит атренингқәа, аарҩара аныҟоу аамҭазы рхы шымҩаԥыргаша, амцакраан иҟаҵатәу. Ҳара ахара ҳазрыдҵом. Уажәы амца ахьаку ауаа ахьнымхо аҭыԥқәа рҿы ауп. Аҭаҭан аццышәгьы азхоит, амца ыҵҟьарцаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Араҳамиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.