Арадио

Ашәԥҳа еиҭалҳәеит анхарҭатә ҭыԥқәа рзы Очамчыра араион аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу

Sputnik
Жәлар реизара аилатәараҿы актәи ааԥхьарала ирыдыркылеит Анхаразы акодекс ҿыц. Очамчыра араион ахадара анхамҩа-коммуналтә усбарҭа аиҳабы Асҭанда Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ари апроект ирнаҭо алшарақәа ртәы, насгьы иахьа араион аҿы анхара аиура азҵаара ҵарны иахьынӡақәгылоу атәы.
Ашәԥҳа илҳәеит иахьазы араион ахадараҿы 350 рзаҳал рҟынӡа шышьҭоу анхарҭатә ҭыԥ иаҳәо рҟынтә, 140-ҩык рус ӡбаны ишышьҭыр[хьоу.
"Араион аҿы иҿыцу аргыларақәа ыҟаӡам, иҳамоу алшара даара имаҷуп. Арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит, аха азҵаара аӡбара цәгьоуп. Еиҳарак анхарҭатә ҭыԥ зҭаху ҿыц зхы еилазҵаз роуп. Анхарҭатә ҭыԥ роургьы уи аиҭашьақәыргыларазы ирымаӡам алшара", - ҳәа еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.