Аԥсны

Азербаиџьан атәылауаҩ 15 шықәса ихақәиҭра далхәдатәуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Азербаиџьан атәылауаҩ Логман Алиев 15 шықәса ихақәиҭра далхәданатәит хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа алаирҵәон ҳәа ахара идҵаны.
Иара убасгьы иара ишәароуп 800 нызқь мааҭ ахараԥса.
Алиев хараны идҵоуп Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 223 ахәҭа 3 апункт "в" иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура.
Заанаҵтәи аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Логман Алиев Аԥсны аҵакыраҿы анаркотик "метадон" амаӡа-ҭыԥқәа рҿы аҭиразы ишышьҭаиҵоз, уи азы идырым хаҿыки иареи заанаҵтәи реиҿцәажәарала.
Ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа иара иаанкылараан имырхит 196,486 грамм ззеиԥш капан ыҟаз анаркотик – аметадон.