Аԥсны

Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы акомиссиа аԥҵоуп

Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп Аԥсны.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала, акомиссиа иалалеит Бадра Гәынба, Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, акультура аминистр и.н. Динара Смыр, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа ахада Адгәыр Амҷба, Зураб Багаԥшь, Аминистрцәа реилазаара Аппарат иатәу агуманитартәи асоциалтәи зҵаарақәа рзы аусбарҭа аиҳабы Елеонора Агрба.