Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи аҳаирплан МиГ-29 ДЖәР икарыжьит

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла арбџьармчқәа икылкааны ихысуа абџьар ала Украина Арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа ааха ӷәӷәа рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи аҳаирпан МиГ-29 карыжьит ДЖәР, Краматорск ақалақь аҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы икажьуп аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ааба, ЕАА иҭыжьу авиабомба JDAM, 95 украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп 571 украинатә ҳаирплан, 266 вертолиот, 12485 аԥырҩы дызҭам ахархәага, 469 зениттә ракетатә комплекс, 15056 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, 1221 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 8 061.