Аԥсны

2023 шықәсазы Аԥсны 900-ҩык аимҳәаршәаа рыхьит

2022 шықәсазы ареспубликаҟны аимҳәаршәаа зыхьны ашәҟәы иҭагалаз хәҩы заҵәык роуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. 2023 шықәсазы Аԥсны 900-ҩык аимҳәаршәаа зыхьны ашәҟәы иҭаргалаз рхыԥхьаӡара 900-ҩык ыҟан ҳәа лҳәеит асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева ахәыҷқәа риммунҭагылазаашьа иазкны имҩаԥгаз астол гьежь аҟны.
Ҳазҭалаз ашықәс ажьырныҳәамзазы 72-ҩык ирыхьит, урҭ рахьынтәи 66-ҩык – 14 шықәса рҟынӡа изхыҵуа ахәыҷқәа роуп. Белиаева лажәақәа рыла, еиҳарак уи зыхҟьаз аҭаацәа алаҵаҟаҵара мап ахьацәыркуа ауп.
Аҟәатәи аҽкчымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа еиҭеиҳәеит 12 мзы зхыҵуаз аӡҟы, аимҳәаршәаа ихьны ахәшәтәырҭахь дышнаргахьоу.
"Ҳҳақьымцәа ас еиԥш иҟоу ахәыҷқәа рыдкылара рцәыуадаҩуп, урҭ ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа рзыҟаҵатәуп, ҳтәылаҿы ахәыҷтәы ареаниматологцәа ҩыџьа роуп иҟоу. Ҳара иаҳхәшәтәыз ахәыҷқәа зегьы алаҵа рымаӡамызт, уи аҭакԥхықәра зду аҭаацәа роуп", - ҳәа иҳәеит Гәниа.
Арадио
Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит, иарбан ҿкычымазарақәоу Аԥсны иалаҵәаны иҟоу