Арадио

Аргәынԥҳа еиҭалҳәеит, Дырмит Гәлиа иҩымҭала апиеса "Иареи лареи" аус шадылулоз

Sputnik
Дырмит Гәлиа ишәҟәы "Арԥызбеи аԥҳәызбеи" амотив ала аԥсуа драматә театр аҿы иқәыргылахоит аспектакль "Иареи лареи" ҳәа хьӡыс измоу. Апиеса лҩит Мадина Аргәынԥҳа, лара лоуп ақәыргыламҭа арежиссиоргьы. Арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҩымҭа апиеса шалҵыз, арольқәа шеихшаз, анаҩсгьы Дырмит Гәлиа иҩымҭақәа рҟынтә аус здылулар илҭаху.
Арежиссиор апоемагьы алирикатә жәеинраалақәагьы еилацаланы апиеса алалхит. Иара аспектакль ҳасабала иҟалоит, баша ажәеинраалакәа рыԥхьара акәӡам ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.
"Апоема гәыцәс исыман. Иара ахала аҽснардыруан ишырҿиатәу. Адраматургиа азакәанқәа анудыруа, уи аус арманшәалоит апиеса аҟаҵараҿы. Сааҭк инахыҳәҳәаны иҟалоит. Гәлиа иҩымҭақәа рыла иаԥҵоу ашәақәагьы ҟалоит, аспектакль иахьахәҭоу адраматургиа ала", - лҳәеит Аргәынԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.