Аԥсны

Бедиатәи ауахәама: Аԥсны еиҭашьақәдыргылоит ажәытәӡатәи аныхабаа

Бедиатәи ауахәамаҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп, ихадоу ахәҭа - 20 мшы рыла ахыбра азгәаҭоуп.
Sputnik
Бедиатәи аныхабаа гылоуп Очамчырантәи 12 километра ашьха азааигәара иблахкыгоу аҭыԥ ԥшӡараҿы. Ари хәызмаӡам Аԥсны архитектуратә баҟоуп. Иара ргылан Х-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Баграте III иаамҭазы.
Уажәы аныхабаа аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿуп. Ауасҭацәа иақәыз ахыб ақәхны, амҿтәы маркацла еибыҭаны, аҭанақьтә хыб ақәҵарахь ииасит. Ахыб ахәҭахада аԥсахра 20-ҟа мшы рышьҭахь ихдыркәшоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардадатә еилахәыра "Строимонтаж-2" адиректор Русҭам Цәеиба.
Зегь раасҭа иуадаҩны иҟоуп, ахыбхагьежьи уи ацилиндыртә шьаҭеи реиҭашьақәыргылара. Дара еиқәымхаӡеит. Цәеиба иажәақәа рыла ауасҭацәа уи ҿыц иҟарҵароуп, убри аҟнытә аҭоурыхҭҵааҩцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи еилацәажәароуп. Бедиатәи ауахәамаҿ аусурақәа рымҩаԥгара иазоужьуп ареспубликатә биуџьет аҟынтә 8 миллион мааҭ.
Бедиатәи аныхабаа шьақәгылоуп ԥшь-хыбхагьежьтә гәашьақәеи, аныҳәарҭа архәақәеи, аганқәа рыҟны иаду ауадақәеи рыла. Аныхабаа адәахьтәии аҩнуҵҟатәии аҭыӡқәа чаԥоуп, ацәыш-аҩежь ԥшшәы змоу ишшәырӡа иҟоу хаҳәҟьаԥсла. Мрагыларала аҭӡы адәахьтәи аган аџьар ҭаԥҟаны иануп.
1 / 14

Бедиатәи аныхабаа ргылан Х-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы Баграте III ихаан.

2 / 14

Мчыбжьқәак раԥхьа аныхабаа ахыб аԥсахраз аусурақәа ирылагеит.

3 / 14

Зегь раасҭа иуадаҩны иҟоуп, ахыбхагьежьи уи ацилиндыртә шьаҭеи реиҭашьақәыргылара. Дара еиқәымхаӡеит.

4 / 14

Арҭ реиҭашьақәыргылара аамҭа рацәа агоит, избанзар дара ҿыц иҟаҵатәуп.

5 / 14

Бедиатәи ауахәамаҿ аусурақәа рымҩаԥгара иазоужьуп ареспубликатә биуџьет аҟынтә 8 миллион мааҭ.

6 / 14

Аныхабаа 100 метрак инахыкны еиқәхеит ахаҳә ҩнду аҟынтәи ахыжәжәара.

7 / 14

Аҩбатәи аихагылаҟны иҟан бедиатәи аԥсқәабазцәеи, иҟалап аҳцәеи ахьынхоз ауадақәа.

8 / 14

Абжьаратәи ашәышықәсқәа рзы араҟа иҟан аԥсқәабазцәа ркафедра.

9 / 14

XIX-тәи ашәышықәсазы Бедиатәи аныхабаа иаваргылан иҟаҵаз аргыларақәа аберҭыԥ алхын.

10 / 14

Аныхабаа адәахьтәии аҩнуҵҟатәии аҭыӡқәа чаԥоуп, ацәыш-аҩежь ԥшшәы змоу ишшәырӡа иҟоу хаҳәҟьаԥсла.

11 / 14

Мрагыларала аҭӡы адәахьтәи аган аџьар ҭаԥҟаны иануп.

12 / 14

Аныхабаа аҭӡы аҩнуҵаҟа злақәҵаз асахьақәа, иахьатәи аамҭазы ианыҵхьеит.

13 / 14

Аныхабаа архитектура злаҟоу ала, акырӡа иазааигәоуп ихагьежьу.

14 / 14

Аныхабаа еиҿартәоуп Аԥсны усҟантәи аамҭазы иҟаҵаз акыр ақьырсиантә ныхабаақәа реиԥш.