Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аԥсуаа рҿы арԥызбеи аԥҳәызбеи реидҽырбалашьа иазкны

Sputnik
Аетнолог Виктор Аҩӡбеи амҩаԥгаҩ Алхас Манаргиеи арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәеит иахьатәи аамҭазы арԥызбеи аԥҳәызбеи, мамзаргьы еиднагалахьоу иаартны рцәаныррақәа рааԥшра зыхҟьаз, уи аԥсуаа рҿы ишыҟаз ажәытәан.
Аҵарауаҩ Виктор Аҩӡба иҳәеит, Аԥсны ажәларқәа шеилаӡҩозгьы, аԥсуаа ркультура, рҵасқәа еснагь рцәаҩаҟазшьа шрымаз. Аетнолог еиҭеиҳәеит арԥызбеи аԥҳәызбеи шеидҽырбалоз атәы. Иаҳҳәап, арԥыс игәы зызцоз аԥҳәызба дыҟазҭгьы Ажьырныҳәа аҽны ашьыжь ардәына шьны ирԥшӡаны илызнеигон. Урҭ ахаан рцәаныррақәа ажәлар иаартны ирыларыжьӡомызт ҳәа азгәеиҭеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.