Алхас Гыцба акыршықәса аҩы зауад аҟны аус иуан, уи адагьы Аҳәынҭуниверситет аҟны дырҵаҩуп, занааҭла иара дтехнологуп. Дәрыԥшь ақыҭан имоу адгьыл аҿы ажьааӡара игәы иҭаикит. Иара 2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иҽалаирхәит.
"Сара хаҭала аҩыҟаҵара садҳәалан аҟынтә ажьааӡара сзааигоуп. Апроект иҩны ианрысҭа, адгылара арҭеит. Иаҭахыз зегьы еиқәыршәаны исырҭеит. Уаҟа иҟоуп аӡахәа аиҭаҳатә, адаҷ, аҵәҩанқәа. Азауад аҿы исоуз аԥышәа схы иархәаны аԥсуа ҩы аџьармыкьахь анагара сҭахуп. Хышыкәса аҽаҩра сазыԥшыроуп", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы.
Иара иаликааз ажь ахкқәа ҳаԥсабараҿы рхы бзианы иаадырԥшуеит, идыруеит. Иҳәоит, ажьааӡара ахырхарҭа ҳтәылаҿы аҿиара бзианы аманы ишибо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.