Аҷандара инхо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратщ факультет астудент Вадим Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иԥсҭазаашьоу, инапы злаку, анхамҩатә усқәа дахьынӡарымароу, ақыҭаҿы анхара иара изы ҵакыс иамоу, иаԥхьаҟа ихы здиҳәаларац игәы иҭоу атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.