Анхарҭаз азакәанеидкылаҟны аилкаара аипотека алагаланы актәи аԥхьараҟны ааигәа ирыдыркылеит Жәлар реизара адепутатцәа. Иазԥхьагәаҭоуп, атәылауаа ркатегориақәак апроцент зыԥҵәа адагьы анхарҭа аахәаразы акредитқәа роур алшо ишыҟало. Иахьазы Аԥсны аус ауеит 1981 шықәсазы ирыдыркылаз Анхарҭаз азакәанеидкыла.
Лагәлаа ицәажәараҟны иҳәеит 40 шықәса ирылагӡаны ҩ-лагалак ракәын Анхарҭаз азакәанеидкылаҟны иҟаҵаз. Уи идыргыло аҩнқәа рышәагааи, иара убас азакәанеидкыла ахьӡ аԥсахреи ирыдҳәалан.
"Иара (Анхарҭаз азакәанеидкыла -азгәаҭа) аус ауеит иахьатәи Аԥсны аҳәынҭқарра азакәанқәа еилазымго ахәҭаҷқәа рыла. Азакәанеидкыла ҿыц адкылара аҳәынҭқарразы иаҭахны иҟоуп, избанзар асоциалтә политика аҽаԥсаххьеит", -иҳәеит Лагәлаа.
Иара адырра ҟаиҵеит Очамчыра ақалақь аҟны ахәынҭқарратә фонд ахь иаҵанакуаз 80 % рҟынӡа ауадақәа ауаа ирхатәны ишыҟарҵахьоу. Аҩнқәа рныҟәгара акәзар 1981 шықәсазы ирыдыркылаз Анхарҭазы азакәанеидкыла инақәыршәаны ишымҩаԥысуа.
Лагәлаа убасгьы иҳәеит Очамчыра араион аҟны ауаа нхарҭа ҭыԥла реиқәыршәаразы алшарақәа зеиԥшроу атәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.