Аԥсны

Аеколог далацәажәеит Аԥсны апальмақәа ирԥырхагоу ахәаҷақәа шықәырго

Шәача алаҳәара ҟарҵеит зқьы инареиҳаны пальма шықәҩааз азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Аԥсны хра аманы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит аԥынҵаҵәры хәаҷа иаҿагыланы апальмақәа реиқәырхаразы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиаз Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
Аҟазауаҩ иажәақәа рыла, ари ахәаҷашьаҭанкыла ақәгара уадаҩуп, убри азы ихәарҭоу акакәны иҟоуп аамҭа-аамҭала аҵлақәа рҭагылазаашьа агәаҭареи рыхәышәтәреи.
Шықәсык аҩнуҵҟа апальма изныкымкәа ахимиатә маҭәашьарқәа рықәырҭәоит. Уажәы Аԥсны аҭагылазаашьа бзиоуп, аиҳарак Аҟәа.
Ҷыҭанаа ишиҳәо ала, Афон ҿыци Гагреи иҟоуп ибыргәым уадаҩрақәак. Аҵлақәа сынтәа рыхәышәтәра мҩаԥгахоит аҳауа +17 °С аҟынӡа ианхалалак.