Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра азгәарҭоит сынтәа ҳтәылаҿы. Иара ирҿиамҭақәа еиҵагыло абиԥара ишрыдыркыло, амилаҭтә литератураҿы илагалеи атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет алитература акафедра аусзуҩы Алиса Инаԥшьԥҳа.
Аԥсуа сахьаркыратә литературеи, аҭҵаарадырреи, амилаҭ кьыԥхьи, атеатри руасхырқәа шьҭазҵаз, изырӷьацаз, жәларык ргәадуура Дырмит Гәлиа диит жәабран 21, 1874 шықәсазы.
"Дырмит Гәлиа иажәабжьқәа, иажәеинраалақәа зегьы еилых ҟамҵакәа исгәаԥхоит ҳәа шәасҳәар, хымԥада, амц шәызжьуеит, аха иҟоуп бзиа избо. Иаҳҳәап, имоуп узырлахҿыхо, узырччо ажәабжь кьаҿқәа. Иажәеинраалақәа афилософиатә ҵакы змоу даара исгәаԥхоит. Еиҳарак иалскаауа иреиуоуп "Абри соуп сара". Дырмит Гәлиа усҟантәи аамҭазы илиршеит "харантә иааз асас" ибжьы ирҳара, убас еиԥш ҳаргьы иҳалҳаршароуп ҳәа сгәы иаанагоит, аԥсуаа ҳабжьы, ҳҭоурых, ҳбызшәа егьырҭ амилаҭқәа дырҳара", -лҳәеит Инаԥшьԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.