Арадио

Ҭыжәԥҳа еиҭалҳәеит Леуарса Быҭәба ҽнактәи иусумҭақәа рцәыргақәҵа шеиҿкаахо

Sputnik
Асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иусумҭақәеи исахьақәа рықәҭыхымҭақәеи ҽнактәи рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа акультура-усутә платформа "Гәыма" аҿы жәабран 21 азы. Аплатформа "Гәыма" аҳәаақәҵаҩ Шьарида Ҭыжәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа шеиҿкаахо.
Ҭыжәԥҳа иазгәалҭеит ахатә коллекциақәа рҟны иҟоу Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа ҩышықәса раԥхьа ишымҩаԥыргахьаз, ҩаԥхьа уи еиҿыркаарц шырыӡбаз асахьаҭыхҩы данииз амш аҽны, иара убасгьы уи Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд блыижьҭеи мызкы анҵуа иақәшәоит.
"Аза Аргәынԥҳа ҳлыҳәан Амилаҭтә галереиаҟны иҟаз аусумҭақәа аелектронтә версиахь ииаганы илыман, иҳалҭеит, насгьы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ирыман Леуарса Быҭәба иусумҭақәа ирықәҭыхыз, урҭгьы иҳарҭеит. Ҳара иҳаӡбеит урҭ зегьы ҳкьыԥхьырц. Иҟоуп аусумҭақәа шьҭа ахаан иаҳбараны иҟам (Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иалаблыз -азгәаҭа). Мышкы иалагӡаны ауаа ирбар рылшоит иаҳкьыԥхьыз аусумҭақәа. Убасгьы аӡыргара ҟаҳҵеит мышкы ҳәа аусумҭақәа шҳадаҳкыло. Леуарса Быҭәба иусумҭақәа аҩны измоу, иира амш аҽны асахьаҭыхҩы даҳгәалаҳаршәарц азы иҳадыргалар ауеит" , - лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ацәыргақәҵахь инагахо асахьаҭыхҩы иусумҭақәа жәаба иахьазы ишеидыркылахьоу. Ацәыргақәҵа аус ауеит жәабран 21 аҽны асааҭ 13 инаркны 18-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Асахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба диит 1960 шықәса жәабран 21 рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа ашьҭахь, далгеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа. Далахәын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала Леуарса Быҭәба 2004 шықәсазы "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьан. Асахьаҭыхҩы иԥсҭазаара далҵит 2007 шықәсазы.