Жәабран 21 рзы 150 шықәса раԥхьа Уарча ақыҭан диит аҵеимш, жәларык ргәадура, раԥхьаӡакәны аԥсуа сахьажәа ашәҟәы иазырбаз, ҳбызшәа, ҳлитература, ҳтеатр, ҳпоезиа, ҳапроза уҳәа амилаҭтә хаҿра ганрацәала ишьақәзырӷәӷәо ахәҭақәа рышьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы, аҵарауаҩ Инал Гыцба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит аҟаза ду Дырмит Гәлиа ирҿиаратә мҩеи, иҭынхеи, илагалеи ртәы.
Аԥсуа жәлар рзы Гәлиа архнышьнаеибаркыра даҩызоуп, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гыцба. Исахьарку ажәа амаҵ азызуа рзы иара данцәахәны дырзаҟоуп, ҳәа иҳәеит иара.
1912 шықәса рзы иҭыҵыз иеизга рацәа аџьабаа адибалеит, ихатә харџь ақәырӡны, ҵакыс иамоу дырны дазнеит, ҳәа инаҵишьит Гыцба. Аҵак ду аман иара убас сынтәа 105 шықәса зхыҵуа аԥсуа газеҭ аҭыҵра.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.