Аԥсны

Леуарса Быҭәба ицәыргақәҵа аатит "Гәыма"

Леуарса Быҭәба — Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла. Иусумҭақәа цәырыргахьан Америка, Германиа, Франциа, Италиа, Урыстәыла, Швеицариа, Ҭырқәтәыла, Иапониа еиуеиԥшым аизгақәеи аколлекциақәеи рыҟны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Леуарса Быҭәба исахьаҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа аатит иара даниз амш аҽны, жәабран 21 рзы акультура-гәыҳалалратә платформа "Гәыма" аҟны.
Ацәыргақәҵаҟны инагахоит ахатәы коллециақәа рҟынтәии Амилаҭтә галереиа иалаблыз иусумҭақәа ирықәҭыхуи асахьаҭыхымҭақәа. Зынӡа арахь иаагоуп аоригиналтә усумҭақәа 10, агалереиа абылра иалаӡыз рҟынтә 32 репродукциа, 1996 шықәсазы Аԥсуа драматә театр аҿы иқәыргылаз аспектакль "Аҽшьҩы" афиша.
"Рацәак идумыз Леуарса Быҭәба иԥсҭазаара иҭагӡаны арҿиамҭа рацәа аԥиҵеит. Ацәыргақәҵа азырхиараан аҿыцқәа ҳбеит. Ацәыргақәҵатә зал аҟны уаанӡа ирымбацыз аусумҭақәа ӡыраагоит", - ҳәа лҳәеит аплатформа акуратор Шьарида Ҭыжәԥҳа.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла, Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс, Амилаҭтә галереиа аусзуҩ Аза Аргәынԥҳа.