Арадио

Аҳәатәи аҳәашьеи: аҳәаанырцәтәи агентцәа ирызку азакәан апроект

Sputnik
Аҳәаанырцәтәи агентцәа ирызку азакәан апроект иалацәажәеит арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны ҳтәылаҿы Ауаҩы изинқәа рыхьчара знапы ианыз, Аконституциа аиҭакрақәа алагаларазы акомиссиа иалоу Асида Шьаҟрылԥҳа, Аԥсны ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Ауаажәларратә палата аиҳабы Гәыли Кьычԥҳа.
"Иарбан ҭагылазаашьоу ҳзықәшәаз иахьа Аԥсны, ас еиԥш иҟоу имчны, иӷәӷәаны, ҳзинқәа аанызкыло азакәан ҳадаҳкылартә еиԥш, изаҭаххеи? Сара азакәан ахьыӡгьы схәы-сжьы аргылоит иансаҳауа " аҳәаанырцәтәи агентцәа" ҳәа. 1937-тәи ашықәс иадҳәалоу, шәҩыла ҳауаажәлар аҳәаанырцәтәи агент ҳәа рыхьыӡҵаны, ахара рыдырҵан ианҭадырхоз еиԥшуп ари азакәан. Асовет мчра аамҭазы ас еиԥш азакәан ыҟаӡамызт, аха ҳара уажәы иаҳҭахуп ишьақәҳаргыларц", - лҳәеит Шьаҟрылԥҳа.
"Ҳҳәынҭқарраҟны иарбанзаалакгьы аилак аума, анаплакы аума иҟарҵо, нас иахьа ԥарада акгьы узыҟаҵаӡом, ирырҭо зрырҭо, хықәкыс иамоу ҳазгәамҭозар, ҳгәашә аартызар, досу ишиҭаху ихы мҩаԥигар аума? Азакәан аҟны атәым ҳәынҭқарратәи агент ҳәа ҩ-факторк роуп иаҭаху: атәым ҳәынҭқарра аҟынтәи (ҳазҭахым ауп ҳазлацәажәо, ҳазхазымҵаз ракәӡам, Қырҭтәылаҟа ҳхынҳәыр зҭаху аҳәынҭкаррақәа роуп зыӡбахә ҳамоу) аԥара уоуазар, насгьы аполитика уалазар. Егьырахь агәыҳалалра ҟауҵома, даҽакы аума, аӡәымзарак ԥырхага имаӡам. Аполитика уалацәажәар уҭахызар аӡәгьы уишьаҳаӡом, амала арегистрациа уоуеит аҳәаанырцәтәи агент ҳасабала. Иҟауҵо уажәшьҭа ажәлар ирдыруеит, даҽа тәым ҳәынҭқаррак аҟынтәи апрограмма шынаигӡо", - иҳәеит Кәарҷиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.