Аԥсны

Аԥсны аҿар Сириус имҩаԥгахо Адунеизегьтәи афестиваль иалахәхоит

Хәажәкыра 1 инаркны 7-нӡа "Сириус" имҩаԥгахоит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсны Сириус имҩаԥгахо Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль иалахәхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы.
Аԥснынтәи афестиваль ахь ицоит шәҩык аҿар, урҭ рахьтә жәаҩык 18 шықәса рхымҵӡацт иҳәеит иара.
"Еиуеиԥшым аҵарадырра иадҳәалоу апрограммақәа ҟалоит: асоциологиа, аполитика уҳәа, ҳҿар рхы аарԥшразы алшара роуеит", - иҳәеит иара.
Кара-Осман-оӷлы иажәақәа рыла, афорум ашьҭахь Аԥснытәи алахәылацәа
"Урыстәыла арегионқәа" апрограмма ала урыстәылатәи ақалақьқәа ирҭаарц рылшоит.