Апальмақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷақәа иаҳа имаҷхеит, аҵиаақәа рҭагылазаашьа иаҳа иеиӷьуп ҳәа азгәалҭеит аиҿцәжәараҿы аспециалист. Ахәшәтәра ианаамҭоу имҩаԥыргоит, ҳәа лҳәеит Шьынқәырԥҳа.
Убри аан лара иазгәалҭеит аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа имаҷымкәа ахәаҷақәа шцәырҵхьоу. Уажәы ацитрустә шәырқәа ԥырхага ду рызҭо хәаҷак шалкаау. Иахьынӡалшо ахәшәтәрақәа шымҩаԥырго.
Шьынқәырԥҳа илҳәеит Аԥсныҟа иаарго аҵиаақәа ргәаҭаразы гәыԥҩык аҿар акурсқәа ишырхысуа, урҭ рҵара ишаалгалак аусура иалагоит.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.