"Аиааира аагаҩцәа ргәалашәара" иазку Жәларбжьаратәи афорум мҩаԥысуан жәабран 21, 22 рзы Москва. Уи еиҿнакааит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә аграждан-патриоттә еиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк", адгылара анаҭеит афонд "Урыстәыла адунеи". Ари аусмҩаԥгатә иалахәын "Ԥсра зқәым аполк" аҳәаақәҵаҩцәа 50 ҳәынҭқарра инареиҳаны, аҭҵаарадырра –аексперттә еилазаара ахаҭаранкцәа Аԥсны, Белоруссиа, Ермантәыла, Ҟазахстан, Азербаиџьан, Ҭаџьыкистан, Ҭырқәтәыла, Австриа, Еллинтәыла, Португалиа, Франциа, Австриа уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәгьы. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит афорум шеиҿкааз, излацәажәоз, ас еиԥш ауснагӡатә ахықәкы атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.