Аԥсны

Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аԥхасҭахара иаҿуп

Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбара – Аҟәа агәҭа иҟоу ахан ԥшӡақәа ируакуп.
Sputnik
Аинститут ахьыҟоу, ҩеихагыларак иҟоу ахан ду есышықәса еиҳа-еиҳа аилаҳара иаҿуп – иԥхасҭахоит арԥшьшьақәа, амҷҷара иаҿуп аҭӡынҵақәа, аӷәраҵа аӡы ыҵоуп.
Иахьатәи аамҭазы аинститут аҟны аус руеит шәҩык инареиҳаны аҵарауаа. Дара иҭырҵаауеит аԥсуа бызшәа, акультура, аҭоурых. Асеиԥш аҭагылазаашьаҟны аусура даара иуадаҩуп – ауадақәа рыҟны иҟам аԥхарра, иҟоуп зынӡа алашара ахьыҟамгьы.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аԥҵан 1925 шықәсазы. Иахьа аҭҵаарадырратә центр ыҟоуп ақәра ду змоу, иаҳхысыз ашәышықәса алагамҭаз иргылаз ахыбраҟны.
Амодерн астиль ала ахан зыргылаз изы иҟоуп ҩ-гәаанагарак. Аҵарауаҩ Анзор Агәмаа иԥхьаӡон ахыбра Альфред Бамме иргылеит ҳәа. Архитектор Георги Баронин игәаанагарала – Андреи Модрах.
1 / 12

Аԥсуаҭҵааратә институт ыҟоуп, 1925 шықәсазы иргылаз аҭоурыхтә хыбраҿы.

2 / 12

Аханатә ари ахан аҭуџьар Христофор Самуриди итәын. Асовет аамҭақәа рзы араҟа иҟан Нестор Лакәаба напхгара зиҭоз Аԥсны анагӡаратә комитет хада.

3 / 12

Аамҭа цацыԥхьаӡа аҩычаратә хәҭақәа – арԥшьшьақәеи аҭӡынҵақәеи аԥхасҭахара иаҿуп. Џьара-џьара иубарҭоуп ашьшьарҭақәа, икыдҷҷоуп ашьыхга.

4 / 12

Ахыбра иаарласны еиҭашьақәыргыламхар хнырҳәышьа амамкәа иӡуа рацәахоит.

5 / 12

Аинститут аҟны иахьа аус ауеит: аԥсуа бызшәеи алитературеи, афольклор, аҭоурых, аетнологиа, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҟазара, аполитологиеи аконфликтологиеи, архиологиа рыҟәшақәа, иара убас архиви аҭыжьырҭеи.

6 / 12

Акыр шықәса раахыс аинститут аҟны аусура аҭагылазаашьа бааԥсуп - ауадақәа рыҟны ихьшәашәароуп, ицәаакыроуп.

7 / 12

Ахыбра зегьы арҽеиратә усурақәа аҭахуп, иԥсахтәуп афымцацәаҳәақәа.

8 / 12

Иҟоуп зынӡа иахьыҟамгьы, ҿырԥштәыс иаагозар абиблиотека.

9 / 12

Ахыбра ахәҭак ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭаз, аҩбатәи ахәҭа 60-тәи ашықәсақәа рзы иаҿаԥыршьит. Уаҟа ауп иахьыҟоу аконференц-залгьы.

10 / 12

Ахыбра аҿыԥшыларҭеи аҩнуҵҟеи аҩычаратә арԥшьшьақәа ԥхасҭахо иалагеит, амҷҷара иаҿуп аҭӡынҵақәа.

11 / 12

Абарсҟаара уадаҩра шыҟоугьы, аинститут аҟны аус зуа аҵарауаа, рус иагмыжькәа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Есышықәса Аинститут иҭнажьуеит ҩажәа инарзынаԥшуа амонографиақәеи шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи.

12 / 12

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы 2024 шықәсазы аинститут аҟны имҩаԥгахоит аҭҵаарадырратә конференциа.