Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра аԥхасҭахара иаҿуп

Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбара – Аҟәа агәҭа иҟоу ахан ԥшӡақәа ируакуп.
Аинститут ахьыҟоу, ҩеихагыларак иҟоу ахан ду есышықәса еиҳа-еиҳа аилаҳара иаҿуп – иԥхасҭахоит арԥшьшьақәа, амҷҷара иаҿуп аҭӡынҵақәа, аӷәраҵа аӡы ыҵоуп.
Иахьатәи аамҭазы аинститут аҟны аус руеит шәҩык инареиҳаны аҵарауаа. Дара иҭырҵаауеит аԥсуа бызшәа, акультура, аҭоурых. Асеиԥш аҭагылазаашьаҟны аусура даара иуадаҩуп – ауадақәа рыҟны иҟам аԥхарра, иҟоуп зынӡа алашара ахьыҟамгьы.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аԥҵан 1925 шықәсазы. Иахьа аҭҵаарадырратә центр ыҟоуп ақәра ду змоу, иаҳхысыз ашәышықәса алагамҭаз иргылаз ахыбраҟны.
Амодерн астиль ала ахан зыргылаз изы иҟоуп ҩ-гәаанагарак. Аҵарауаҩ Анзор Агәмаа иԥхьаӡон ахыбра Альфред Бамме иргылеит ҳәа. Архитектор Георги Баронин игәаанагарала – Андреи Модрах.
© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсуаҭҵааратә институт ыҟоуп, 1925 шықәсазы иргылаз аҭоурыхтә хыбраҿы.

Аԥсуаҭҵааратә институт ыҟоуп, 1925 шықәсазы иргылаз аҭоурыхтә хыбраҿы. - Sputnik Аҧсны
1/12

Аԥсуаҭҵааратә институт ыҟоуп, 1925 шықәсазы иргылаз аҭоурыхтә хыбраҿы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аханатә ари ахан аҭуџьар Христофор Самуриди итәын. Асовет аамҭақәа рзы араҟа иҟан Нестор Лакәаба напхгара зиҭоз Аԥсны анагӡаратә комитет хада.

Аханатә ари ахан аҭуџьар Христофор Самуриди итәын. Асовет аамҭақәа рзы араҟа иҟан Нестор Лакәаба напхгара зиҭоз Аԥсны анагӡаратә комитет хада. - Sputnik Аҧсны
2/12

Аханатә ари ахан аҭуџьар Христофор Самуриди итәын. Асовет аамҭақәа рзы араҟа иҟан Нестор Лакәаба напхгара зиҭоз Аԥсны анагӡаратә комитет хада.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аамҭа цацыԥхьаӡа аҩычаратә хәҭақәа – арԥшьшьақәеи аҭӡынҵақәеи аԥхасҭахара иаҿуп. Џьара-џьара иубарҭоуп ашьшьарҭақәа, икыдҷҷоуп ашьыхга.

Аамҭа цацыԥхьаӡа аҩычаратә хәҭақәа – арԥшьшьақәеи аҭӡынҵақәеи аԥхасҭахара иаҿуп. Џьара-џьара иубарҭоуп ашьшьарҭақәа, икыдҷҷоуп ашьыхга. - Sputnik Аҧсны
3/12

Аамҭа цацыԥхьаӡа аҩычаратә хәҭақәа – арԥшьшьақәеи аҭӡынҵақәеи аԥхасҭахара иаҿуп. Џьара-џьара иубарҭоуп ашьшьарҭақәа, икыдҷҷоуп ашьыхга.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахыбра иаарласны еиҭашьақәыргыламхар хнырҳәышьа амамкәа иӡуа рацәахоит.

Ахыбра иаарласны еиҭашьақәыргыламхар хнырҳәышьа амамкәа иӡуа рацәахоит. - Sputnik Аҧсны
4/12

Ахыбра иаарласны еиҭашьақәыргыламхар хнырҳәышьа амамкәа иӡуа рацәахоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аинститут аҟны иахьа аус ауеит: аԥсуа бызшәеи алитературеи, афольклор, аҭоурых, аетнологиа, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҟазара, аполитологиеи аконфликтологиеи, архиологиа рыҟәшақәа, иара убас архиви аҭыжьырҭеи.

Аинститут аҟны иахьа аус ауеит: аԥсуа бызшәеи алитературеи, афольклор, аҭоурых, аетнологиа, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҟазара, аполитологиеи аконфликтологиеи, архиологиа рыҟәшақәа, иара убас архиви аҭыжьырҭеи. - Sputnik Аҧсны
5/12

Аинститут аҟны иахьа аус ауеит: аԥсуа бызшәеи алитературеи, афольклор, аҭоурых, аетнологиа, ахыҵхырҭаҭҵаара, аҟазара, аполитологиеи аконфликтологиеи, архиологиа рыҟәшақәа, иара убас архиви аҭыжьырҭеи.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Акыр шықәса раахыс аинститут аҟны аусура аҭагылазаашьа бааԥсуп - ауадақәа рыҟны ихьшәашәароуп, ицәаакыроуп.

 Акыр шықәса раахыс аинститут аҟны аусура аҭагылазаашьа бааԥсуп - ауадақәа рыҟны ихьшәашәароуп, ицәаакыроуп. - Sputnik Аҧсны
6/12

Акыр шықәса раахыс аинститут аҟны аусура аҭагылазаашьа бааԥсуп - ауадақәа рыҟны ихьшәашәароуп, ицәаакыроуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахыбра зегьы арҽеиратә усурақәа аҭахуп, иԥсахтәуп афымцацәаҳәақәа.

Ахыбра зегьы арҽеиратә усурақәа аҭахуп, иԥсахтәуп афымцацәаҳәақәа. - Sputnik Аҧсны
7/12

Ахыбра зегьы арҽеиратә усурақәа аҭахуп, иԥсахтәуп афымцацәаҳәақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иҟоуп зынӡа иахьыҟамгьы, ҿырԥштәыс иаагозар абиблиотека.

Иҟоуп зынӡа иахьыҟамгьы, ҿырԥштәыс иаагозар абиблиотека. - Sputnik Аҧсны
8/12

Иҟоуп зынӡа иахьыҟамгьы, ҿырԥштәыс иаагозар абиблиотека.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахыбра ахәҭак ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭаз, аҩбатәи ахәҭа 60-тәи ашықәсақәа рзы иаҿаԥыршьит. Уаҟа ауп иахьыҟоу аконференц-залгьы.

Ахыбра ахәҭак ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭаз, аҩбатәи ахәҭа 60-тәи ашықәсақәа рзы иаҿаԥыршьит. Уаҟа ауп иахьыҟоу аконференц-залгьы. - Sputnik Аҧсны
9/12

Ахыбра ахәҭак ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭаз, аҩбатәи ахәҭа 60-тәи ашықәсақәа рзы иаҿаԥыршьит. Уаҟа ауп иахьыҟоу аконференц-залгьы.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ахыбра аҿыԥшыларҭеи аҩнуҵҟеи аҩычаратә арԥшьшьақәа ԥхасҭахо иалагеит, амҷҷара иаҿуп аҭӡынҵақәа.

Ахыбра аҿыԥшыларҭеи аҩнуҵҟеи аҩычаратә арԥшьшьақәа ԥхасҭахо иалагеит, амҷҷара иаҿуп аҭӡынҵақәа. - Sputnik Аҧсны
10/12

Ахыбра аҿыԥшыларҭеи аҩнуҵҟеи аҩычаратә арԥшьшьақәа ԥхасҭахо иалагеит, амҷҷара иаҿуп аҭӡынҵақәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абарсҟаара уадаҩра шыҟоугьы, аинститут аҟны аус зуа аҵарауаа, рус иагмыжькәа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Есышықәса Аинститут иҭнажьуеит ҩажәа инарзынаԥшуа амонографиақәеи шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи.

Абарсҟаара уадаҩра шыҟоугьы, аинститут аҟны аус зуа аҵарауаа, рус иагмыжькәа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Есышықәса Аинститут иҭнажьуеит ҩажәа инарзынаԥшуа амонографиақәеи шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи. - Sputnik Аҧсны
11/12

Абарсҟаара уадаҩра шыҟоугьы, аинститут аҟны аус зуа аҵарауаа, рус иагмыжькәа рнапынҵақәа нарыгӡоит. Есышықәса Аинститут иҭнажьуеит ҩажәа инарзынаԥшуа амонографиақәеи шәкы инареиҳаны аҭҵаарадырратә статиақәеи.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы 2024 шықәсазы аинститут аҟны имҩаԥгахоит аҭҵаарадырратә конференциа.

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы 2024 шықәсазы аинститут аҟны имҩаԥгахоит аҭҵаарадырратә конференциа. - Sputnik Аҧсны
12/12

Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы 2024 шықәсазы аинститут аҟны имҩаԥгахоит аҭҵаарадырратә конференциа.

Ажәабжьқәа зегьы
0