Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Аԥсны аҩнуҵҟа арҿиаратә коллективқәа рықәгылара атәы

Sputnik
Аԥсны акультура аминистрра ари ашықәс аҩнуҵҟа агастрольтә уснагӡатәқәас иазгәаҭаны ирымоу, лшарақәас ансамбльқәа ирзаԥнаҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Акультура аминистрра иаҵанакуа акультуреи аҟазареи рыҟәша аспециалист хада Адамыр Гәынба.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҩнуҵҟа аминистрра иаҵанакуа арҿиаратә коллективқәа ргастрольтә уснагӡа иазку апроект аашықәса ахыҵуеит.
"Раԥхьаӡа ҳаналагоз 2015 шықәсазы ҳамчқәа зынӡа имаҷын, иалахәыз арҿиаратә коллективқәагьы рхыԥхьаӡара еиҵан. Есышықәса ҳаҽҳарҭбаауа ҳалагеит. Ҵыԥх 18 концерт ҟаҳҵеит, ҳауаажәлар иргәаԥхоит. Араионқәа, ақыҭақәа ҳарҭааны аконцертқәа мҩаԥаҳгоит. Адгылара бзиа ҳамоуп, иҳацхраауеит акультура аҟәша анапхгаҩцәа. Сгәы иаанагоит сынтәагьы апроект қәҿиарала имҩаԥысып ҳәа. Ҩымзҟа рышьҭахь ҳалагап ҳәа ауп. Сынтәа иҿыцны иалаҳгалап ҳәа ҳгәы иҭоуп ҩ-коллективки атеатрқәеи", - иҳәеит Гәынба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.