Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гамгьиа аҳәыҳә ааӡареи ашколхәыҷқәа ари аус радԥхьалареи атәы

Аҳҭнықалақь аҿы аҳәыҳәқәа зааӡо Роланд Гамгьиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит игәы ззыбылуа аус инаҭо, ҩ-еихагылак иҟоу аҳәыҳәқәа рааӡарҭа ҿыц ашколхәыҷқәа рааигәа ишеиҿикааз, уи дара шадиԥхьалаз атәы.
Sputnik
Роланд Гамгьиа аҳәыҳәқәа рааӡара инапы алакуижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны урҭ 30 хкы еидикылахьан, аха 500 цыра амца иалаблит шықәсқәак раԥхьа Маҷара иргыланы имаз раԥхьатәи аҳәыҳәҭраҟны. Гамгьиа иажәақәа рыла, иахьазы 7-8 хкы аҳәыҳәқәа имоуп, иҟоуп урҭ рыбжьара аԥсуа ҳәыҳә ахкгьы.
Ааигәа иара даҽа ҳәыҳәҭрак ааиртит Аҟәатәи алицеи-интернат адгьылҵакыраҟны. Ҩажәа ҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҳәыҳәқәа рыҩныҟа ириҭеит урҭ рыжәла дырҿиарц иҳәеит Гамгьиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.