Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Џьынџьал ашәырааӡара иазкны

Sputnik
Маркәыла инхо Нугзар Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәырааӡара изацу агәыбылра атәы, ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иабзоураны атама абаҳча аиҿкаара дшалагаз, насгьы ақыҭаҿы анхара инаҭо агәахәара атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.