Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыги Лашәриеи "Идырым аибашьра аҭоурыхқәа" иазкны

Sputnik
Аԥсны ажурналистцәа реидгылара аицлабра "Идырым аибашьра аҭоурыхқәа" аихшьаала ҟаҵоуп. Аицлабра арадиои аинформациатә маҵзуреи рноминациаҿы актәи аҭыԥ иаԥсахаз, Аԥсуа арадио ажурналист Елана Лашәриаԥҳаи Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыги арадио Sputnik аефир аҿы атема иазааҭгылеит.
Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг аиҿцәажәара хацыркуа иҳәеит 105-шықәса раԥхьа аԥсуа кьыԥхь ашьақәгылара иахьагьы ҵакыс иамоу. Иазгәеиҭеит Дырмит Гәлиа идҳәалоу аматериал аҭҵаараҿы иахьа уажәраанӡа иҿыцу ак шааиртуа. Усҟан ипартиатәым акьыԥхь аԥсуаа ркультуреи рыхдырреи рӡыргаразы аҵак ҷыда шамоу еиликаауан Гәлиа ҳәа иҳәеит Ҳашыг.
Ажурналист Елана Лашәриаԥҳа еиҭалҳәеит аицлабрахь инашьҭыз аусумҭа алԥшаара шаҟа илцәыуадаҩыз, насгьы идырым аветеранцәа рыԥшаареи рыҿцәажәареи аус иацыз ауадаҩрақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.