Асеминар мҩаԥысуан ҩымш, Урыстәылантәи иааԥхьан аспикерцәа ашколқәранӡатәи аусураҿы аҿыц знеишьақәа ртәы еиҭазҳәоз ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Џьениа. Иара иалахәын Гәдоуҭа араион аҿы иҟоу ахәыҷбаҳчақәа фба рааӡаҩцәеи рметодистцәеи.
"Ицәажәо аҭӡы ҿыцны иҳаларгалеит, ахәыҷқәа агәыԥ аҿы ибзиоу алеишәа аадырԥшырцаз иарбан хәмаррақәоу ирыдгалатәу, убри аан дара зегьы алагалахарцаз ҳзеиҭарҳәеит. Иара убас, ахәыҷы ихаҭара аарԥшра рылдыршарцаз иҟаҵатәу дырбан. Ахәмаррақәа мҩаԥысуан дара ааӡаҩцәа алархәны. Ааӡаҩ лара лхала дыхәмарны лԥышәаҿы лхы иалырхәаратәы, иашьцылартә еиԥш аусхкқәа нагӡан. Уи гәахәарыла ирыдыркылеит ахәыҷбаҳча аусзуҩцәа", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьениа.
Ааӡаҩцәа акы иаԥхьоит иацклаԥшоит, аха ара лабҿаба идырбан, ас еиԥш аусхкқәа ҳаспециалистцәа ирыцхраауеит ҳәа инаҵылшьит лара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.