Афестиваль анхацыркхоз акык-ҩбак гәыԥ ыҟазҭгьы, иахьа уи иалахәу ансамбльқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷиа. Еснагь еиԥш уажәгьы иҟалоит аҳәынҭқарратә ансамбль "Гәында", иара убас ҿыц еиҿкаау ансамбльқәа ҩба алахәхоит.
Кәарҷиа иажәақәа рыла, афестиваль аҿы иҟалоит ажәытә ашәақәа, иара убас иахьатәи аамҭа иақәшәогьы. Сгәаанагарала, акы-ҩба ансамбль ҿыцқәа цәырҵуазар, ари еихьӡара дууп, аизҳара амҩа ҳшану убартә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа аиҿцәажәараҿы.
Афестиваль иабзоуроу рацәоуп аҳәынҭқарратә ансамбль аиҿкаара аус аҿгьы иҳәеит иара.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.