Арадио

Аб Басариан Аԥсныҟа иаагоу ацқьа Спиридон Тримифунтәи ишьаҵатәқәа рзы: аҵакы ҳаракуп

Sputnik
Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама ҳамҭас иарҭаз Еллинтәыла адгьылбжьаха Корфу аныха - ацқьа Спиридон Тримифунтәи ишьаҵатәқәа ақьырсианцәа шазыҟоу, ацқьа имч, илшара атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Басариан (Аԥлиа).
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ Дмитри Кьетиа Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама иеиҭеит Еллинтәыла адгьылбжьаха Корфу аныха - ацқьа Спиридон Тримифунтәи иџьашьахәу акадифа иалху ишьаҵатәқәа. Урҭ Кьетиа ҳамҭас ииҭеит Амитрополит Никтариос.
"Анцәа илԥхала иҳауз ҳаргьы ҳҽалаҳархәыроуп, ихаҳҵароуп. Дазусҭазаалакгьы, игәаҟуа, ичмазаҩу, амҩа иқәу ибаандаҩу зегьы алԥха шәоуааит! Ара ауахәамаҟны иҟоуп Аҟәа. Шәааины, абри аҳамҭа шәадгыланы, уи ашҟа шәыбжьы рганы, шәыхшыҩ рханы шәныҳәа", - иҳәеит аб Басариан.
Иара иазгәеиҭеит ацқьа Спиридон Тримифунтәи ишьаҵатәқәа Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҟны ишыҟазаауа, ауаа реихырхәартә, ацқьа иахь рхы рханы иныҳәартә алшара шрымоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.