Сынтәа Дырмит Гәлиа ишықәсуп, ус анакәха, аамҭа-аамҭала ицәырҵлоит аԥсуа культура зегь ауасхыр азышьҭазҵаз ирҿиамҭақәа рҟәырҷахақәа рӡыргара. Гәлиа 150 шықәса ихыҵра алагамҭа шьахәуп ҳәа азуҳәар ауеит, ана-ара имҩаԥысуа аиԥыларақәеи асоциалтә ҳақәа рҿы иара изкны ицәырҵуа анҵамҭақәеи урыхәаԥшны.
Асовет аамҭази, аибашьра ашьҭахьгьы акыраамҭа аиубилеиқәа еиҳарак аофициалтә ҟазшьа аҭаны, еиуеиԥшым ажәахәқәа ҟаҵаны атеатр аҿы имҩаԥыргозҭгьы - Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа иалалгалеит иҷыдоу атенденциақәа ирхаҿырбагоу атеатртә елементқәа рхархәарала арҿиаҩцәа рҩымҭақәа ахәаԥшцәа рыдгалара. Арежиссиор лԥышәаҿы иҟоуп Таиф Аџьба, Мушьни Лашәриа, Анатоли Лагәлаа уҳәа риубилеитә ныҳәақәа атеатртә жанр ала исахьаркны раарԥшра. Аԥсуа хәаԥшцәа ари аҩыза ахырхарҭа рыдыркылеит, избанзар арҿиаҩ ду егьа ихуҳәааргьы, иара иаԥиҵаз еиҳау акгьы узҳәом. Абар, дырҩегьых Мадина Аргәынԥҳа аԥсуа сахьаркыратә ажәа апатриарх иҩымҭақәа ирылхны апиеса еиқәыршәаны ахәаԥшцәа ирыдылгалеит.
Жәабранмза 27, 28 рзы атеатр аҿы имҩаԥысит "Иареи лареи" захьӡу аспектакль аԥхьарбара. Аспектакль иалагааӡа арежиссиор Аргәынԥҳа исылҭеит икьаҿӡоу ахҳәаа:
"Ари аспектакль ықәсыргыларц исыдигалеит атеатр адиректор хада Алхас Ҷолокәуа. Гәлиа имоуп апроза, адрама, апоезиа уҳәа жанрла еиуеиԥшым аҩымҭақәа. Иаҳҳәап, "Анаурқәа" Аҿар ртеатр аҿы иқәдыргылахьеит, сара сганахьала абри иара илирика еиҳа ирҿыцны ицәырызгарц сҭаххеит. Апиеса иагәылоу ацәаҳәақәа зегьы Гәлиа итәуп, гәыцәс иамоуп апоема "Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәқәа". Дара, ишыжәдыруа еиԥш, аа-шәҟәык ыҟоуп. Аха, уи иацысҵеит асиужет ианаалоит ҳәа исыԥхьаӡоз илирикатә жәеинраалақәагьы".
Арежиссиор Аргәынԥҳа илхәыцыз асценатә драматургиа ишаҳәо ала, абзиабаратә шәҟәқәа зыбжьысуаз арԥызбеи аԥҳәызбеи рҿареи рықәра наӡеи уажәы-уажәы еиқәшәоит актиорцәа рыбзоурала. Уи акыр иарҩычоит аспектакль амҩаԥысшьа. Гәлиа ифырԥҳәызба Лара дактрисаны даалырԥшуеит арежиссиор. Агримҟаҵарҭа ихадоу сценатә маругоуп аспектакль зегь аҿы.
Иазгәаҭатәуп, араҟа арольқәа назыгӡо аиҳабыратәи абиԥара иреиуоу Жәлар рартистцәа Виолетта Маанԥҳаи Кьасоу Ҳагбеи шракәу. Лара - Маанԥҳа лынагӡарала акыр иромантикатәу аҟазшьа змоу агәалашәара аазырԥшуа дреиуоуп. Ҳагба итәы ҳазааҭгылозар, араҟа иара абжьааԥны ифырхацәа иныҟәырго апафос ахархәара амҭакәа, Лара линтонациа дазааигәаны дыҟан. Бзиабаратә мотивуп ақәыргыламҭа ҳҳәозаргьы, раԥхьаӡа Лара лынагӡарала иҳаҳауа ашәоуп:
Сыхаара, сыԥсадгьыл,
Иҟалазеи, закәызеи?
Иуԥшаауазеи, иуцәыӡзеи,
Абас улахь зеиқәузеи?!
Сгәы иаанагоит ари ашәа арежиссиор изалылхыз, Гәлиа наунагӡа игәы иҵхоз, насгьы ҳажәлар иахьагьы изызхәыцуа мотивны иазгәалҭарц ауп ҳәа.
Акыр хшыҩзышьҭра ауҭартә иҟан асиужет иагәылагылоу иқәыԥшуи зықәра зфахьои Иареи Лареи асценаҿы реиқәшәарақәа. Иахьатәи аамҭа иасимволны Иареи Лареи ррольқәа нарыгӡон Гәында Жьиԥҳаи Гәдиса Ҭодуеи. Иҟоуп исахьаркӡоу Маанԥҳаи Жьиԥҳаи автобусқәа раангыларҭаҿы реибабара. Уи асцена акыр игәхыхгоуп. Араҟа артистцәа иаадырԥшуеит иқәыԥшзаргьы, рықәра дузаргьы, абзиабара рыԥсҭазаараҿы анырра ду шамоу. Аспектакль аҿы апоезиа инаҷыданы даҽа текстк убаӡом, еихшьааланы иаҳҳәозар - лирикатә қәыргыламҭоуп.
Уажәшьҭа сазааирц сҭахуп зегь реиҳа исгәаԥхаз аперсонаж дазусҭоу атәы. Аспектакль аҿы уажәы-уажәы даацәырҵуеит Дырмит Гәлиа ироль назыгӡоз Алхас Шамба. Иара дцәажәаӡом, аха иааирԥшуа ахаҿсахьала аԥсуа литература абду ҳәа ззырҳәо Гәлиа ихаҭаԥсаҭа иоуп. Алитературатә, аҭоурыхтә мазара зҭаз ачемодан зманы асценаҿы ицәырҵыз Шамба ҳҿаԥхьа апатриарх даацәырҵызшәа агәра ҳиргеит. Ажәакгьы мҳәаӡакәа Шамба илшеит агәжәажәара зцыз апоет ихаҿсахьа аарԥшра.
Дырмит Гәлиа ихаҿсахьа аазырԥшыз Алхас Шамба.
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспектакль далагалоуп арежиссиор, уи Кристина Цымцба иналыгӡон. Цәгьа еинааланы имҩасит "Хоџьан Ду" иалхыз ареп. Ишаҳбаз ала, арежиссиор аспектакль алирикеиԥш асатиратә ҟазшьа змаз ацәаҳәақәагьы адылҵеит. Уи аспектакль еиҳагьы иарзҩыдон. Аспектакль 40 минуҭ рҟынӡоуп иахьцоз, ашәымҭак еиԥш ҳаԥхьа иианагеит Гәлиа ипоезиатә хәыцрақәа. Ахәаԥшцәа иҳазгәамҭаӡакәа инҵәеит бзиа еибабоз рҭоурых абас еиԥш иҟоу цәаҳәала:
Ааԥынреиԥш,
Абзиабара лашеиԥш амшқәа,
Амш ӷәӷәақәа…
Қәԥаралеи ԥсҭазааралеи
Иақәԥалааит аԥсра!..
Аспектакль аԥеиԥш амоуп, ахәаԥшцәа апоет ирҿиара абас агәыбылра еиҳагьы иднаркуеит, абӷьыцқәа нарҳәы-аарҳәуа инысымҩа асценаҟынтә урзаԥхьар аасҭа.
Акызаҵәык, даараӡа исҭахын актиорцәа ражәаҳәа апартер аҿы итәоу ишраҳауа еиԥш, хыхьтәи аиарусқәа рҟынӡагьы ибзианы инаӡо иҟазҭгьы. Ари апроблема цәырҵит аԥсуа театр еиҭашьақәдыргылеижьҭеи, убри аҟынтә, актиорцәа ражәа иҵегьы игәцаракны ахәаԥшцәа рҟынӡа инарышьҭроуп.