Убас, Аԥсуа драматә театр аҿы жәабран 26-27 рзы имҩаԥысит "Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы" ашьаҭала Мадина Аргәынԥҳа иқәлыргылаз аспектакль "Иареи лареи" аԥхьарбара.
Уи режиссиорс дамоуп Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа. Лара ишылҳәаз ала, апиеса иагәылоу ацәаҳәақәа зегьы Гәлиа итәуп, гәыцәс иамоуп апоема "Арԥызбеи аԥҳәызбеи рысалам шәҟәы", уи иацылҵеит асиужет ианаалоит ҳәа илыԥхьаӡоз илирикатә жәеинраалақәагьы.
Апиесаҿы ицәыргоуп уи афырхацәа хадақәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан реизыҟазаашьақәа зеиԥшроу, иҟалалакгьы, рыԥсҭазаара насыԥла иҭәны иҟаларц ишазықәԥо.
Арольқәа ныргӡоит: Аԥсны Жәлар рартистцәа Виолетта Маанԥҳаи Кьасоу Ҳагбеи, иара убас Аԥсуа театр актиорцәа – Гәында Ажьиԥҳа, Гәдиса Ҭодуа, Циала Инаԥшьԥҳа, Кристина Цымцԥҳа, Алхас Шамба.