Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Кьикориа ақыҭа аҿиаразы анхаҩы иԥынгыло ауадаҩрақәа ирызкны

Sputnik
Баслаху ақыҭан инхо Беслан Кьикориа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьатәи аамҭаз ақыҭаҿы анхара мчхеит ҳәа изыиԥхьаӡо, адгьыл ақәаарыхра изхымԥадатәиу, иқыҭа иаҳа ианаало акультура арбану, насгьы избан ауаа рынхара ааныжьны изцо изалагаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.