Аурысцәа НАТО иалоу аҳәынҭқаррақәа зегьы ирыцклаԥшуеит, уи ауп ари аицәажәара зцәырҵызгьы ҳәа азгәеиҭеит аицәажәараҿы Кобахьиа.
"Аханатә Путин Украина имҩаԥысуа аибашьра ҩ-жәларык реибашьра шакәым, еидгылоу Мраҭашәара ишабашьуа атәы иҳәоит. Аҳәаанырцәтәи атәылқәа жәала ирҳәоит, реибашьцәа уахь ишырмышьҭуа атәы, аха аус аҿы иҟоу ҽакуп. Уи аханатә аурысцәа ирдыруеит ирҳәои иҟарҵои шеиқәымшәо. Путин иҳәоит Урыстәыла аинтересқәа рыда еинышәашьа шыҟам", - еиҭеиҳәеит Кобахьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.