Иԥсны аҟәараҿы икажьу аԥсаатә ықәрымгар аԥхьаҟа ҳусқәа цәагьахоит, избанзар амшын ахәаҷа-маҷақәа рыла имҟьашьыр залшаӡом ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ахсалԥҳа.
"Аԥсаатәқәа аныԥслак иааизганы ирбылуеит, мамзаргьы иржуеит. Аусқәа уажәнатә имҩаԥгалатәуп, иԥсыз иқәгалатәуп. Макьана ахьшәашәарақәа ыҟоуп, аха уахынлатәи аԥша аԥхарра анаҵала нахыс, ари апроблема ӷәӷәахьы ҳкылнагоит", - ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ахсалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.