Олег Гамгьиа ҩышықәса ҵоит Гәдоуҭатәи аԥышәаратә нхамҩа "Ҳара ҳбаҳча" аҟны аус иуешьҭеи. Анхамҩаҟны еиуеиԥшым ашәыр хкқәа рааӡоит.
"Абри апрограмма аус ауеит ҳәа анҳаҳа, ақьаадқәа алаҳҵеит. Аиҭаҳатәқәа ҳҭахын 2 нызқь шьаҭа рҟынӡа, убасгьы иаҳҭахын арҵәыгақәа, излаҳахәшәтәуа апрепаратқәагьы. Ҵыԥх иаҳзааргеит зегьы. Ақыҭанхамҩа аминистрра иҭабуп ҳәа расҳәоит. Иаҳҭахыз ахкқәа, иахьынтәиҳҭахыз иааргеит. Иҳамоуп 10 хкык: абҳәа, атама, аҳа, алаҳа, аца. Арҭқәа Ҟрымынтә иааргеит, аҳауатә ҭагылазаашьа еиԥшуп. Еиҭаҳҳаит зегьы, ҳахәаԥшуеит аԥхьаҟа иалҵуа", - иҳәеит Гамгьиа.
Иахьазы, иара иажәақәа рыла, анхамҩаҟны ашәырҵлақәа 12 гектар рҟынӡа рыҵаркуеит, ҿыцны еиҭарҳаз ракәзар ԥшьбаҟа гектар ыҟоуп. Гамгьиа иазгәеиҭеит ҳаамҭазы ашәырҵлақәа раӷьырак умхәшәтәлар, аҽаҩра уоуӡом, избанзар ақәа илеиуа ачымазарақәа рызцәырнагоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.