Аԥсны

"Аԥсны аԥеиԥши" аинтернет аҿиаразы Аинститути аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥши" Аинтернет аҿиаразы аинститути аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.
Аинтернет аҟны иҿио асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа алкааны адгылара арҭалоит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" анапхгаҩы Инал Арӡынбеи аинтернет аҿиаразы Аинститут адиректор хада Алексеи Гореславскии.